Среда, 08 декабря 2021 14:50

ЕДУАРД БЫҬӘБА: «ИШӘАРҬОУ АЧЫМАЗАРА АҞЫНТӘИ ҲЗЫХЬЧОУ АИММУНИТЕТ ҲАЗҬО АВАКЦИНА ЗАҴӘЫК АУП»

Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба аилатәара мҩаҧигеит COVID-19 аҟынтәи авакцина аҟаҵара азҵааразы.Аҳақьым хадацәа реиҧш аилатәара иалахәын алаҵаҟаҵаразы аҭакҧхықәра зду аспециалистцәа.

Ҧхынҷкәынмза 7 рзы ареспубликаҿы «Спутник V», « Спутник Лаит» ала алаҵа ҟарҵахьеит 13 нызқьҩык рҟынӡа ауааҧсыра. Ауааҧсыра рырманшәаларазы авакцинатә пункҭқәа аартуп араионқәа зегьы рҟны,аха ус ишыҟоугьы авакцина ҟазҵо рхыҧхьаӡара аиҵахара иаҿуп. Агәабзиарахьчара аминистр еизаз иреиҳәеит,араионқәа рхадацәеи дареи аус шыруа алаҵа аҟаҵаразы агәаҳәара змоу ақыҭауаа рраионтә вакцинациатә пунктқәа рахь машьынала ргара аиқәыршәара азҵаара аганахь ала.

«Ақыҭа ахадарақәа рҟны алшара рымоуп авакцина аҟаҵара зҭаху ,аха уи азы алшара змам ахәышәҭырҭахь рнеиразы рсиа шлақәыргыланы ҳара адырра ҳарҭоит , нас иалххоит амш урҭ транспотла авакцинациатә пунктахь раагаразы»,-ҳәа азгәеиҭеит Едуард Быҭәба.

Иара убас иазгәеиҭеит ,аминистррақәа рнапхгаҩцәа рнапаҵаҟа аус зуа алаҵа ҟарҵарц азы аусура мҩаҧыргар шакәу.

«Уи азы ҳара ҳазхиоуп еиҭа апунктқәа раартра.Иаҭахханы ианыҟала, абригадақәагьы еиқәҳаршәоит аҭыҧахь инеины авакцина ҟарҵарц азы»,-иҳәеит агәабзиарахьчара аминистр. Едуард Быҭәба даҽазныкгьы ҳтәыла ауааҧсыра рахь ааҧхьара ҟаиҵеит аныҳәа мшқәа рзы изыхәҭоу аҧкрақәа ирықәныҟәарц. «Зегьы иаҳгәалашәоит ҵыҧх Ашықәс ҿыцазтәи аныҳәақәа рнаҩс шаҟаҩ чмазаҩхаз, рыҧсҭазаара иалҵыз.Урҭ зегьы ҳара иаҳзааигәаз ҳажәлар ракәын.Даҽазныкгьы схы нарханы ауааҧсыра рахь аҳәара ҟасҵоит аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа рахь анеира мап ацәкны, ҭаацәашәала аныҳәа шәаҧыларц.Уи ала шәара еиқәшәырхоит шәыҧсҭазаареи шәааигәа иҟоу ауааи»,-иҳәеит Быҭәба.

Агәабзиарахьчара аминистр еизаз идирдырит QR-кодқәа рыҭара аҭагылазаашьа атәы.Иахьазы 7500 рҟынӡа ауааҧсыра уи ахархәаразы алшара рымоуп.Убри аан аспециалистцәа иазгәарҭеит QR -кодқәа Урыстәылатәи афедерациаҟны еиҧҟьарада аус шыруа.Едуард Быҭәба даҽазныкгьы амобилтә еимадара «А-Мобаил» анапхгара иҭабуп ҳәа реиҳәеит ари ихадоу аус аҟны иҟарҵаз ацхырааразы.

Аилатәара аихшьаала ҟаҵо аминистр иҳәеит ауаажәларра рыҩныҵҟа авакцина иаҿагыло апропаганда шырацәахаз атәы.Атәыла ахадареи агәабзиарахьчара аминистрреи вакцинала ауааҧсыра еиқәдыршәарц азы ҵҩа змам аусурақәа мҩаҧыргеит.Ҳтәылауаа еилыркаароуп авакцинациа шыхадоу. «Сара схаҭа иҟасҵеит авакцина «Спутник V». COVID-19 умыхьӡакәа аиммунитет узҭо авакцина заҵәык ауп. Сара авакцина бзианы исхызгеит.Агәрагьы згеит иара ахәарҭа шалоу",-иҳәеит Едуард Быҭәба.Иколлегацәеи ,ахәышәтәырҭақәа рхадацәеи рахь ихы рханы иадиҧхьалеит авакцина шхымҧадатәиу ауааҧсыра дырдырразы иара иҿырҧштәы иқәныҟәарц.

Прочитано 415 раз Последнее изменение Среда, 08 декабря 2021 14:55

Контакты

Министерство здравоохранения Республики Абхазия
Адрес: г.Сухум
ул.Ардзинба/Пушкина 44/16,
"Гудоу Плаза", 6 этаж


Телефон: 8 (840)226-10-77, 
                 8 (840)226-10-77 (факс)

BG offerВход в  Личный кабинет

Получите электронный сертификат о вакцинации и уникальный QR-код.