Вторник, 30 ноября 2021 16:47

ЕДУАРД БЫҬӘБА:«ИАХЬА АГӘАБЗИАРАХЬЧАРА АСИСТЕМА ҴҨА ЗМАМ АЏЬАБАА ИАҴОУП,ҲАҦХЬА ИШЬҬОУ АНЫҲӘАМШҚӘА РНАҨС УИ АКЫРЫНТӘ ЕИҲАХАР АЛШОИТ»

Аҧсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба аиҳабыра реилатәараҿы ирзеиҭеиҳәеит COVID -19 иамаданы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа атәы.

«Аепидемиологиатә ҭагылазаашьа шыцәгьо иаанхоит.Уажәтәи аамҭазы аковид аҟәшақәа рҿы ишьҭоуп 245 ҩык ачымазаҩцәа,уахыки-ҽнаки рыла 10 ҩык 15 ҩык рҟынӡа ачымазцәа нанагоит ахәышәтәырҭақәа рахь»,-иҳәеит Едуард Быҭәба.

Агәабзиархьчара аминистр алаҵа аҟаҵара арбагақәа ааигеит:«Абҵарамза 18 инаркны 29 нӡа акоронавирус ҿкы аҟынтәи алаҵа «Спутник - V» ҟарҵеит 780 ҩык.Иааидкыланы Аҧсны алаҵа ҟарҵахьеит 12491 ҩык."Спутник лаит" ала 5211 ҩык».

«Алаҵаҟаҵара цоит ихьысҳаны,аминистррақәеи,аусбарҭақәеи рхадацәа рахь ааҧхьара ҟасҵоит уи аганахьала ацхыраара ҟарҵарц ,избанзар ,ари ачымазара бааҧс аҟынтәи ҽыхьчагас иҟоу алаҵоуп»,- иҳәеит иара.

Уи адагьы аминистр дазааҭгылеит ашықәс ҿыцазтәи аныҳәақәа раан ақьафурҭақәа рҟны аҭыҧқәа шаанкыло атәы. «Исымоу аинформациа ала ақьафурҭақәа рҟны аҭыҧқәа зегьы аанкылоуп.Аҭагылазаашьа шәарҭоуп.Урҭ аусмҩаҧгатәқәа рышьҭахь ишаадыруа еиҧш аҿкы чымазара зыхьуа рхыҧхьаӡара иацлоит.Убри азы аҳәара ҟасҵоит асеиҧш аусмҩаҧгатәқәа шәхы рылашәмырхәырц»,иҳәеит Быҭәба. «Агәабзиарахьчара асистема ҵҩа змам аџьабаа иаҵоуп,ҳаҧхьа ишьҭоу аныҳәамшқәа рнаҩс уи акырынтә еиҳахар алшоит»,-иҳәеит иара.

Прочитано 443 раз Последнее изменение Среда, 01 декабря 2021 10:54

Контакты

Министерство здравоохранения Республики Абхазия
Адрес: г.Сухум
ул.Ардзинба/Пушкина 44/16,
"Гудоу Плаза", 6 этаж


Телефон: 8 (840)226-10-77, 
                 8 (840)226-10-77 (факс)

BG offerВход в  Личный кабинет

Получите электронный сертификат о вакцинации и уникальный QR-код.