Вторник, 08 марта 2022 10:50

Март 8 иазку адныҳәалара

Ишәыдысныҳәалоит гәык-ҧсыкала жәларбжьаратәи аҳәса рымш ныҳәа!Март ааба иҷыдоу аҭыҧ ааннакылоит аныҳәақәа рыбжьара.

Зегьы раҧхьаӡа иргыланы ари амш ныҳәа рыдысныҳәаларц сҭахуп амедицина аџьабаа азызбо аҳақьымцәа,амедиаҳәшьцәа,анаука иаҿу,агәабзиарахьчара знапы алаку.

Аҧсны амедицинатә еилазаара еиҳарак аҳәса рыла ишьақәгылоуп,абар ҩышықәса ҵуеит дара акоронавирустә инфекциа иаҿагыланы иқәҧоижьҭе.Иҟоуп аҳақьымцәеи,амедиаҳәшьцәеи мызла ,ҧсшьарамшыда азона ҟаҧшь аҟны аус уны ауаа рыҧсқәа еиқәзырхоз,алабораториақәа рҟны ааҧсарада аус зуаз Пцр тестқәа рыҟаҵаразы.Иахьазы ареспублика ахәышәтәырҭақәа рҟны аус руеит зықьҩык инареиҳаны аҳәса.

Ҳаҭыр зқәу аҳәса,аҭыҧҳацәа!Гәык-ҧсыкала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара,аманшәалара,аныҳәатә гәалаҟара ,ишәызгәакьоу рыҧхарра шәыцзааит есымша!Шәыҧсҭазаараҟны ирацәазааит агәырӷьареи алахҿыхреи зцу амшқәа,ачымазаҩцәа маҷхо,ачымазара бааҧсқәа ҟамло.

Прочитано 496 раз Последнее изменение Вторник, 08 марта 2022 10:53

Контакты

Министерство здравоохранения Республики Абхазия
Адрес: г.Сухум
ул.Ардзинба/Пушкина 44/16,
"Гудоу Плаза", 6 этаж


Телефон: 8 (840)226-10-77, 
                 8 (840)226-10-77 (факс)

BG offerВход в  Личный кабинет

Получите электронный сертификат о вакцинации и уникальный QR-код.