Пятница, 26 ноября 2021 16:36

АҨАӠАРА ҲАРАК ҾЫЦ АҦСНЫ АГӘАБЗИАРАХЬЧАРА АМИНИСТРРЕИ МОСКВЕИ САНКТ-ПЕТЕРБУРГИ ИРЕИӶЬУ АМЕДИЦИНАТӘ УСБАРҬАҚӘЕИ РУСЕИЦУРАҾЫ

Блохин ихьӡ зху акьыбачымазаразы амилаҭтә медицинатә ҭҵаарадырратә центр аҟны имҩаҧысит Едуард Быҭәбеи ацентр адиректор,РАН академик,апрофессор Иван Стилиди иареи реиҧылара.Уи иалахәын амедицинатә наукақәа ркандидат ,Н.Н.Трапезников ихьӡ зху НИИ акьыбачымазаразы аклиника аиҳабы Павел Кононец,амедицинатә наукақәа рдоктор ,Санкт-Петербург агәабзиарахьчаразы аилак онколог хада Дмитри Гладышев,аклиникатә институтқәа рҳақьым хада Игор Дорошев,апрофессор Сергеи Ачкасов,апрофессор Алексеи Карачун.

Аиҧылара иалахәыз Аҧсны агәабзиарахьчара аминистр агәра идыргеит ,Аҧснынтәи ачымазаҩцәа иахәҭоу ацхыраара шрырҭало ҩаҧхьагьы. 

«Блохин ихьӡ зху ацентр аҟны ҳтәылауаа уаанӡагьы ирхәышәтәуан.Ари азҵаара ахәҭакахьала ҳаналацәажәа анаҩс ирыӡбеит иҟарҵо ацхыраара иҵегьы аиҳатәра акьыбачымазаратә центр аҩныҵҟа»,-иҳәеит аиҧылара ахыркәшамҭаз Едуард Быҭәба. 

Уи адагьы ,аиҧылара иалахәыз агәазыҳәара аадырҧшит Аҧснынтәи аҳақьымцәа Блохин ихьӡ зху ацентр аҟны рдыррақәа рыҳаракразы ацхыраара шыҟарҵо.

«Здырра ҳараку аспециалистцәа азхиоуп Аҧсныҟа иааны апациентцәа аконсултациа рзура ,убасгьы ҳҳақьымцәа рзы амастер-классқәа рымҩаҧгара»,-иҳәеит Едуард Быҭәба.

Прочитано 444 раз Последнее изменение Пятница, 26 ноября 2021 20:40

Контакты

Министерство здравоохранения Республики Абхазия
Адрес: г.Сухум
ул.Ардзинба/Пушкина 44/16,
"Гудоу Плаза", 6 этаж


Телефон: 8 (840)226-10-77, 
                 8 (840)226-10-77 (факс)

BG offerВход в  Личный кабинет

Получите электронный сертификат о вакцинации и уникальный QR-код.