Среда, 10 ноября 2021 21:03

ЕДУАРД БЫҬӘБА: «ҲАРА ЕСНАГЬ ҲАХИОУП ҲТӘЫЛАЗЫ ИХӘАРҬОУ АПРОЕКТҚӘА АДГЫЛАРА РЫҬАРА»

Аҧсны агәабзиарахьчара аминистр дырҧылеит ЮНИСЕФ ахада Гассан Халили аиҿкаара Аҟәатәи аофис анапхгаҩы Оливе Тонеи. Аганқәа алацәажәеит агәабзиарахьчара аминистрреи ЮНИСЕФ и русеицураҿы изызхьаҧшраны иҟоу азҵаатәқәа.Аиҧылараҿы ирыхәаҧшын 2022 шықәсазы еиҳа аҧыжәара зҭатәу ахырхарҭақәа,ирылацәажәан ани ахшареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа.

«Зықәра наӡоу ауаҩы аҳақьым иахь ацхырааразы даннеиуа иҳәар илшоит дзыргәамҵуа.Ахәыҷқәа уи рзыҟаҵаӡом.Убри азы дара зхаҭабзиара ҳараку амедицинатә цхыраара рыҭаразы аҭагылазаашьа аҧаҳҵароуп. Уи адагьы иҟазароуп алобораториа.Уажәы абри ахырхарҭа азҿлымҳара ду аҳҭоит»,-иҳәеит Едуард Быҭәба. Агәабзиарахьчара аминистр, Аҧсны иҟоу ЮНИСЕФ ахаҭарнакцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит амилаҭтә хықәкқәа рынагӡаразы иҟарҵо рлагалазы . «Ҳгәыӷуеит ЮНИСЕФ и ҳареи ҳусура анаҩсгьы алҵшәақәа аанагап ҳәа.Ҳара ҳганахьала ҳазыхиоуп ҳтәылазы ихәарҭоу апроектқәа адгылара рыҭара»,-иҳәеит Едуард Быҭәба. Аиҧылараҿы убасгьы ирылацәажәеит ҳтәыла ауааҧсыра акоронавирустә инфекциа аҟынтәи алаҵа рзыҟаҵара шымҩасуа атәы.ЮНИСЕФ ахада Гассан Халил агәабзиарахьчара аминистр иеиҳәеит цхыраарак аҳасабала дара авакцина ахьырҵәахуа архьшәашәага аахәара ишазыхиоу.

Прочитано 476 раз

Контакты

Министерство здравоохранения Республики Абхазия
Адрес: г.Сухум
ул.Ардзинба/Пушкина 44/16,
"Гудоу Плаза", 6 этаж


Телефон: 8 (840)226-10-77, 
                 8 (840)226-10-77 (факс)

BG offerВход в  Личный кабинет

Получите электронный сертификат о вакцинации и уникальный QR-код.