Версия для печати
Среда, 11 мая 2022 13:02

Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба ацхыраара лас аусзуҩцәа зегьы рыпрофессионалтә ныҳәа рыдиныҳәалеит

Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба ацхыраара лас аусзуҩцәа зегьы рыпрофессионалтә ныҳәа рыдиныҳәалеит.

"Шәара аус рацәаны ижәуеит,иарбан аамҭазаалакгьы шәазыхиоуп ҳуааҧсыра реиқәырхара.Лымкаала ҭабуп ҳәа шәасҳәоит ҳтәылазы имариамыз аамҭа -апандемиазы ишәылшәыршаз аус азы.Имариам шәус аҿы ишәыцыз аманшәалара.Ацхыраара лас аусзуҩцәа рымшныҳәа шәыдысныҳәалоит",-иҳәеит Быҭәба.

Агәабзиарахьчара аминистр даҭааит Аҟәа ацхыраара лас астанциа, хаҭала аколлектив ирыдиныҳәаларц аныҳәа .

Ацхыраара лас астанциа аҳақьым хада Аслан Џьопуа ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Едуард Быҭәба ииҳәаз ажәа ҧхақәа рзы.Иазгәеиҭеит,иара иколлектив дшырзыгәдуу."Аҧхьаҟагьы дара азыхиоуп ҳреспублика иқәынхо ауааҧсыра ацхыраара рыҭара",-иҳәеит иара.

Аҧсны акоронавирустә ҿкы-апандемиа аамҭазы Аҟәатәи ацхыраара лас астанциа 18-нызқь инарзынаҧшуа ацхырааразы иахьрыҧхьоз инеит.

Прочитано 327 раз Последнее изменение Среда, 08 июня 2022 13:06