Агәабзиархьчара аминистр алаҵа аҟаҵара арбагақәа ааигеит:«Абҵарамза 18 инаркны 29 нӡа акоронавирус ҿкы аҟынтәи алаҵа «Спутник - V» ҟарҵеит 780 ҩык.Иааидкыланы Аҧсны алаҵа ҟарҵахьеит 12491 ҩык."Спутник лаит" ала 5211 ҩык».
«Алаҵаҟаҵара цоит ихьысҳаны,аминистррақәеи,аусбарҭақәеи рхадацәа рахь ааҧхьара ҟасҵоит уи аганахьала ацхыраара ҟарҵарц ,избанзар ,ари ачымазара бааҧс аҟынтәи ҽыхьчагас иҟоу алаҵоуп»,- иҳәеит иара.
Уи адагьы аминистр дазааҭгылеит ашықәс ҿыцазтәи аныҳәақәа раан ақьафурҭақәа рҟны аҭыҧқәа шаанкыло атәы. «Исымоу аинформациа ала ақьафурҭақәа рҟны аҭыҧқәа зегьы аанкылоуп.Аҭагылазаашьа шәарҭоуп.Урҭ аусмҩаҧгатәқәа рышьҭахь ишаадыруа еиҧш аҿкы чымазара зыхьуа рхыҧхьаӡара иацлоит.Убри азы аҳәара ҟасҵоит асеиҧш аусмҩаҧгатәқәа шәхы рылашәмырхәырц»,иҳәеит Быҭәба. «Агәабзиарахьчара асистема ҵҩа змам аџьабаа иаҵоуп,ҳаҧхьа ишьҭоу аныҳәамшқәа рнаҩс уи акырынтә еиҳахар алшоит»,-иҳәеит иара.