Версия для печати
Суббота, 27 ноября 2021 12:51

ЕДУАРД БЫҬӘБА: «АГӘАБЗИАРАХЬЧАРА АСИСТЕМА АРҾЫЦРАЗЫ АПЛАН ЫҞОУП,АМИНИСТРРА УИ НАНАГӠАЛОИТ ХӘҬА-ХӘҬАЛА».

Абҵарамза 25 рзы Москватәи аҧсуа диаспораҿы имҩаҧысит Аҧсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи Аҟәатәи аинфекциатә хәышәҭәырҭа аҳақьым хада Асҭамыр Гәниеи рҧылара.

Аиҿкаара ахада Беслан Агрба асасцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит Аҧсны ауааҧсыра COVID-19 аҟынтәи рыхәышәтәраҿы ирбо хәы змаӡам рџьабаазы.Иара убасгьы иҳәеит,ауааҧсыра рхаҭа аҿкы чымазара аҟынтәи изыхәҭоу апкрақәа ирықәныҟәар,алаҵа ҟарҵар уи аанкылар шалшо атәы.

Аицәажәара аан Едуард Быҭәба еизаз рызҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит. «Аҭагылазаашьа шыуадаҩыц иаанхоит,аха агәабзиарахьчара аминистрра ирылшо зегьы ҟарҵоит акоронавирус ҿкы аҟынтәи ауааҧсыра рыхәышәтәразы»,-иҳәеит агәабзиарахьчара аминистр.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Асҭамыр Гәниа иҳәеит,амедицинатә усзуҩцәа рџьабаа ҵҩа шамам,аха егьа иуадаҩзаргьы ,ҳаамҭазы Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы аҭагылазаашьа рымч ақәхоит. Едуард Быҭәба адиаспора алахәылацәа ирзеиҭеиҳәеит агәабзиарахьчара аминистрраҿы иуадаҩу азҵаарақәа рыӡбараҿы рыжәҩа еибыҭаны аус шыруа атәы.Аминистр дазааҭгылеит ,хаҭала дышрымадоу ахәышәтәырҭақәа рҳақьым хадацәа,есымша дшазыхио амедицинатә усзуҩцәа реиҧш ауааҧсырагьы рацәажәара.Иҟоу аҭагылазаашьа инҭырҳәыцааны ишазнеиуагьы, ауадаҩрақәа зегьы раҧыхра залшом, азанааҭдырҩцәа рзымхара, ҳаамҭа иақәшәо амедицинатә мыругақәа апрепоратқәа уҳәа рымамзаара иеиҵанархоит.Едуард Быҭәба агәра диргеит,агәабзиарахьчара арҿыцразы аплан шыҟоу уи хәҭа-хәҭала анагӡара шалдыршо. Аиҧылара иалахәыз азҿлымҳан акультуратә аобиектқәа раартра азҵаара.Едуард Быҭәба иреилиркааит,аҿкы чымазара зыхьуа рхыҧхьаӡара арбагақәа урыхәаҧшуазар макьана ишзаацәоу урҭ раартра азҵаара алацәажәара.                                  

Аиҧылара аихшьаалақәа ҟаҵо Едуард Быҭәба дазааҭгылеит COVID-19 аҟынтәи алаҵа аҟаҵара ахықәкы хадақәа ишыруаку аҿкы чымазара зыхьуа рхыҧхьаӡара аиҵатәреи.

Прочитано 462 раз