«Зықәра наӡоу ауаҩы аҳақьым иахь ацхырааразы даннеиуа иҳәар илшоит дзыргәамҵуа.Ахәыҷқәа уи рзыҟаҵаӡом.Убри азы дара зхаҭабзиара ҳараку амедицинатә цхыраара рыҭаразы аҭагылазаашьа аҧаҳҵароуп. Уи адагьы иҟазароуп алобораториа.Уажәы абри ахырхарҭа азҿлымҳара ду аҳҭоит»,-иҳәеит Едуард Быҭәба. Агәабзиарахьчара аминистр, Аҧсны иҟоу ЮНИСЕФ ахаҭарнакцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит амилаҭтә хықәкқәа рынагӡаразы иҟарҵо рлагалазы . «Ҳгәыӷуеит ЮНИСЕФ и ҳареи ҳусура анаҩсгьы алҵшәақәа аанагап ҳәа.Ҳара ҳганахьала ҳазыхиоуп ҳтәылазы ихәарҭоу апроектқәа адгылара рыҭара»,-иҳәеит Едуард Быҭәба. Аиҧылараҿы убасгьы ирылацәажәеит ҳтәыла ауааҧсыра акоронавирустә инфекциа аҟынтәи алаҵа рзыҟаҵара шымҩасуа атәы.ЮНИСЕФ ахада Гассан Халил агәабзиарахьчара аминистр иеиҳәеит цхыраарак аҳасабала дара авакцина ахьырҵәахуа архьшәашәага аахәара ишазыхиоу.